Иракли Ӷарибашвили - Польша Қырҭтәылазы иалукааша партниоруп, аҩыза гәакьа ауп, акымкуа ахырхарҭақәа рҿы ҳара астратегиатә суеицуреи аизыҟазаашьа ӷәӷәақәе ҳабжьоуп
Иракли Ӷарибашвили - Польша Қырҭтәылазы иалукааша партниоруп, аҩыза гәакьа ауп, акымкуа ахырхарҭақәа рҿы ҳара астратегиатә суеицуреи аизыҟазаашьа ӷәӷәақәе ҳабжьоуп

Польша Қырҭтәылазы иалукааша партниоруп, аҩыза гәакьа ауп, акымкуа ахырхарҭақәа рҿы ҳара астратегиатә суеицуреи аизыҟазаашьа ӷәӷәақәе ҳабжьоуп.  Ҳара ҩганкалатәи ганрацәалатәи аформатқәа рҿы аусеицура ҳаҿуп, шеишықәса иҳабжьоу аизыҟазаашьақәа иаҳа иӷәӷәахарц ҳҭахуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Польша аԥыза-министр Матеуш Моравиецкии иареи еицымҩаԥыргаз абрифинг аҿы.

Қырҭтәыла Аиҳабыра рхантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла ахәшьара ҳарак анаҭоит Польша Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи, Европатәии Евроатлантикатәии аинтеграциеи ахьрыдгыло.

“ҳаҭыр зқәу сколлега, Польша аԥыза-министр Матеуш Моравиецки аԥсшәа иасҳәоит. Ари иара раԥхьаӡатәи ивзитуп ҳтәыла. Польша Қырҭтәылазы иалукааша партниоруп, аҩыза гәакьа ауп, акымкуа ахырхарҭақәа рҿы ҳара астратегиатә суеицуреи аизыҟазаашьа ӷәӷәақәе ҳабжьоуп.  Ҳара ҩганкалатәи ганрацәалатәи аформатқәа рҿы аусеицура ҳаҿуп, шеишықәса иҳабжьоу аизыҟазаашьақәа иаҳа иӷәӷәахарц ҳҭахуп. Ахақәиҭра ақәԥара ҳажәларқәа азеиԥш рҭоурых аҿы адгылареи аилибакаареи акымкуа аҿырԥштәқәа иуԥылоит. Ақыруаа ахаан ирхашҭуам 2008 шықәса нанҳәазы ахада Лех Качински ифырхаҵара. Усҟан иареи европатәи алидерцәеи Қарҭ иаҳҭааит, Урыстәыла ҳтәыла ажәылараан ҳауаажәлар ирывагылан. Ари зегьы Лех Качински ибзоуроуп, ари ахаан иҳхашиҭуам,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.