Иракли Ӷарибашвили Mivtach Shamir ахантәаҩы Меир Шамир диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Mivtach Shamir ахантәаҩы Меир Шамир диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аҳолдинг Mivtach Shamir ахантәаҩы Меир Шамир диԥылеит. Ари атәы аанацҳаит аԥыза-министр ипрессмаҵзура.

Аинформациа аҿы ишану ала, аганқәа атәыла аинвестициатә потенциал иахәаԥшын, наҟ-наҟтәи аусеицура аперспективақәа ирзааҭгылеит, урҭ иреиуан аенергетикеи ақыҭанхамҩеи ахырхарҭақәа.

Иара убас аиԥылараҿ иахцәажәеит Қырҭтәыла амоу астратегиатә лагылазаара, жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара азҳареи атәылаҿ иҟоу ихырҳагоу ашахтә ҭагылазаашьеи.