Иракли Ӷарибашвили Китаитәи Жәлар рреспублика Аҳәынҭқарратә хеилак аԥыза диԥылеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Китаитәи Жәлар рреспублика Аҳәынҭқарратә хеилак аԥыза Ли Циан диԥылеит.
Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит астратегиатә партниорра аҿиареи ахәаахәтреи аекономикеи рхырхарҭақәа рҿы ирыбжьоу аусеицуреи.
Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Китаи Қырҭтәылазы узықәгәыӷыртә иҟоу ахәаахәҭратә партниоруп, Қырҭтәыла амоу ахәаахәҭратә партниорцәа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит, аекспорт аганахьала – актәи, Аимпорт аганахьала – ахԥатәи.
Аганқәа Китаи аҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭра иазку аиқәшаҳаҭра абжьаҵара инаркны иахьанӡа аҭыԥ змоу ақәҿиарақәа рыхцәажәеит, 2022 шықәсазы арҭ ақәҿиарақәа 2 миллиард доллар иаҟараню
Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылазы аҵак ду амоуп Китаи аҟны аинвестициатә аусеицура арӷәӷәара. Қырҭтәыла аԥыза-министр Ли циан атранспорти, алогистикеи, аенергетикеи арҿыцратә енергиа ахыҵхырҭақәеи рхырхарҭала Қырҭтәыла амоуп апотенциал ирдырит.
Иара убас аиԥылараҿ рыхцәажәеит Қырҭтәыла атранзиттә потенциали “абжьаратә коридор” аҿиара аҵаки.