Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Китаи Жәлартә республика ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен диԥылеит.
Аиҧылраҿы аганқәа рхаҭарнакцәа гәахәарала иазгәарҭеит ҩ-тәылак рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи астратегиатә партниорреи қәҿиарала ишынагӡо. Иара убас, ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа русхәаҧштә иазааҭгылеит.
“Атәылақәа рыбжьара еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура аинтенсификациа азгәаҭаны, ишырҳәаз ала, астратегиатә еизыҟазаашьақәа рформат аусхкытәи, аекономикатәи, ахәаахәҭратәи еизыҟазаашьақәеи, ажәларқәа рыбжьара аимадареи иаҳа арҕәҕәара иацхраап ҳәа игәыҕуеит. Иара убас, аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла агеополиткиатә ҭыҧ ҷыда аҿиара ахырхарҭала ҩ-тәылак қәҿиарала русеицура аҵакы ду амоуп, уи Мрагылареи Мраҭашареи еимыздо акорридор аҳасабала Қырҭтәыла алшарақәа азнарҳауеит.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Китаитәи жәлартә республика ахада Си Ӡинпин иааҧхьарала Қырҭтәыла аҧыз-министр Китаитәи жәлартә республикаҿы имҩаҧигаз авизит аҭоурыхтә ҵакы шамаз, уи зҵакы дуу ароль нанагӡеит Қырҭтәылеи Китаии реизыҟазаашьақәа астратегиатә аҩаӡарашҟа рышьҭыхра апроцессаҿ.
Иара убас, аиҧылараҿы аҧыза-министр, Китаитәи жәлартә республика ахада Си Ӡинпин идҳәаланы Қырҭтәыла ахада иҟалҵаз аҳәамҭагьы дахцәажәеит. Афранцыз телеканал LCI иалҭаз аинтервиу аҿы лара ишылҳәаз ала, атәыла аиҳабыра угәы ҧызжәаша аҳәамҭақәа ҟарҵоит, лара абри аҩыза аҳәамҭақәа дрықәшаҳаҭым.
Абри ариторика Қырҭтәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари Китаиахь ирымоу азныҟәашьа иашьашәалам, ҩ-тәылак реиҩызаратәи рпарниортәи еизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп”, – иануп аинформациа аҿы.
Аиԥылараҿ аԥыза-министр Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили франциатәи аканал LCI аинтервиу аҿы иҟалҵаз аҳәамҭа дазааҭгылеит. Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, абри еиԥш аҳәамҭақәа адкылашьа рымам.