Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен диԥылеит.
Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз аиԥылараҿ аганқәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыазаашьақәеи наҟ-наҟтәи аперспективақәеи рыхцәажәеит.
Аганқәа ахәшьара арҭеит ҵыԥх, Пекин, Қырҭтәыла аҧыза-министри Китаи Жәлар рреспублика ахада Си Ӡин Пини рыбжьара имҩаԥгаз аиԥылара, иазгәаҭан Қырҭтәылеи Китаи реизыҟазаашьақәа рҿы уи амаз аҵакы.
Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла аҧыза-министр адырра ииҭеит Таиван имҩаԥысыз алхрақәа ирызкны, ари иадҳәаланы аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла аиҳабыра Китаи акзаара апринцип адгылоит, аганқәа атәылақәа рсуверенитети ртерриториатә акзаареи шрыдгыло иазгәарҭеит.