Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Китаи анапхгаратә партиа жәларбжьаратә еизыҟазаашьақәа рминистр Чен Ҷоу дызхагылоу Китаи аделегациа алахәылацәа дырԥылеит.
Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аиҧылараҿы ҩ-тәылак ирыбжьоу аполиткатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит, ҵыҧх арҭ аизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорра аҩаӡаранӡа ишьҭыҵит, иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, ҳаҧхьаҟа аусеицура арҭбааразы иҟоу аперспективақәагьы ирзааҭгылеит.