Иракли Ӷарибашвили Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад дылԥылеит.

Аиҳабыра радминистрациа аинформациа ала, аиԥылараҿ иазааҭгылеит Израиль иҟоу аҭагылазаашьа.

„Аиԥылараҿ Иракли Ӷарибашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аиҳабыра Израиль аҳәынҭқарреи атәылауааи  рганахьала имҩаԥгаз атерористтә жәылара шаҿагылоу.

Адипломат аиҳабыра рнапхгаҩы Израиль иҟоу аҭагылазаашьа  иазкны аинформациа идалгалеит. Аԥыза-министр аиҳабыра рыхьӡала Израиль ацҳаражәҳәаҩ даҽа́знык длыдашшылеит”,  -иануп аинформациа аҿы.