Иракли Ӷарибашвили - Ижәдыруазааит, адестабилизациа зин аӡәгьы иаҳҭом
Ижәдыруазааит, адестабилизациа зин аӡәгьы иаҳҭом, аӡәы игәаанагара аарԥшра иҭахызар, ари азакән аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟаиҵааит, – иҳәеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Ӷарибашвили.
Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, адунеи аҿы аҭагылазаашьа цәгьоуп, “уажәы аҩныҵҟатәи аимак-аиҿак иаамҭам”.
«Ажәлар ирхашҭхьеит адунеи аҿы аполитикатә ҭагылазаашьа цәгьа ишыҟоу. Адунеи аҿы иҟаз аиҿкаашьа есымша ԥсаххоит, аӡәгьы издырӡом аҭагылазаашьа зеиԥшрахо. Украинаҿ аибашьра нагӡоит, аӡәгьы издырӡом уи анхыркәшахо.
Ари аибашьра ҳтәылашҟа аиагара иреуалу ашәарҭа џьаргьы имцаӡеит. “Ақырҭуа гәахәтәы” аполитикатә мчы зацәык ауп Қырҭтәылаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи зыхьчаз. Ижәдыруазааит, адестабилизациа зин аӡәгьы иаҳҭом, аӡәы игәаанагара аарԥшра иҭахызар, ари азакән аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟаиҵааит”, — иҳәеит апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Ӷарибашвили.