Иракли Ӷарибашвили Италиа ацҳаражәҳәаҩ иҟны аиԥырҵратә аиԥылара мҩаԥигеит
Иракли Ӷарибашвили Италиа ацҳаражәҳәаҩ иҟны аиԥырҵратә аиԥылара мҩаԥигеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Италиа ацҳаражәҳәаҩ Енрико Вальво иҟны аиԥырҵратә аиԥылара мҩаԥигеит.

Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Италиеи реизыҟазаашьақәеи аусеицуреи, зыҩаӡара ҳараку аполиикатә диалоги ирылацәажәеит.

Ишазгәаҭаз ала, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла евроинтеграциеи ари апроцессаҿ Италиа адгылареи иазааҭгылеит.

Иара убас, аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра атәылақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи аусеицуреи иаҳа арҭбаара иазҿлымҳауп.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, аиҳабыра рнапхгаҩы Енрико Вальво Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, атәыла евроинтеграциа апроцесси, европатәи ареформақәа русхәаҧштәи адгылара азыҳәан ҭабуп ҳәа иеиҳәан, Қырҭтәыла имҩаҧигаз адипломатиатә усуразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, наҟ-наҟтәи иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.