Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аекономкатә хеилак аилатәара мҩԥысит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аекономкатә хеилак аилатәара мҩԥысит.
Аиҳабыра радминистрациа аҟынтә ишаарыцҳаз, аилатәараҿ иахәаԥшит ақалақьбжьаратәи аныҟәаҩцәа риагара ареформа азҵаара, ари ареформа аус аднацлоит Аекономика аминистрра.
Иазгәаҭан ҩышықәса ирылагӡагы Қырҭтәылаҿ ҩдыргак рыла ишьақәгылоу аекономикатә азҳара шыҟоу, 2021 шықәсазы 10.5% аекономикатә азҳара иҟан, 2022 шықәсазы 10.1%. Ари аиҳабыра имҩыԥыргаз аполитика иаша иабзоуроуп.
Аекономикатә хеилак аилатәараҿ аинфлиациа армаҷра иазааҭгылеит Иазгәаҭан 2023 шықәса ажьырныҳәазы ашықәстәиаинфлиациа 9.4% рҟынҿа ишмаҷзаз.