Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аекономикатә хеилак мҩаԥган
Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аекономикатә хеилак мҩаԥган

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿ  аекономикатә хеилак мҩаԥган.

Аҵареи аҵарадырреи рминистр Гьаргь Амилахвари ахеилак алахәылацәа азанааҭтә аҵара аҿиара ахынхарҭала имоу игәанагарақәа рыдигалеит. Иазгәаҭан азанааҭтә аҵара аҿиара аус аҿы хазхаҭалатәи асектор аҽалархәра.

Иара убас, иазааҭгылеит жәларбжьаратәи авалиутатә фонд цәырнагаз 2022-2028 шш. рпрогнозқәа, урҭ рыла 2023-2028 шш. рзы аекономикатә азҳара 5% иаҟароуп.

Аилатәараҿ ирыхәаԥшит аенергетикатә проектқәеи аԥшьгара ҿыцқәеи, хара имгакәа урҭ аиҳа́быра реилатәараҿ цәырыргоит.