Иракли Ӷарибашвили - Иҳамоу ааԥхьара хада - ампыҵахалара ахыркәшароуп, ҳтәыла аҵакырадгьылқәа ҭынч мҩала, апрагматикатә иҟәышу аполитикала ҳархынҳәроуп
Иҳамоу ааԥхьара хада – ампыҵахалара ахыркәшароуп, ҳтәыла аҵакырадгьылқәа ҭынч мҩала, апрагматикатә иҟәышу аполитикала ҳархынҳәроуп, –иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Мухаҭгверди даныҟаз, уаҟа 2008 шықәсатәи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьра еилгеижьҭеи 15 шықәса аҵра инамаданы, иҭахаз афырхацәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Ӷарибашвили иажәақәа рыла, аҭынчра альтернатива амам.
„Иҳамоу ааԥхьара хада – ампыҵахалара ахыркәшароуп. Урыстәыла ампыҵахалаҩ, агрессор тәылоуп, ари еснагь иаадыруан, уажәгьы иаадыруеит, ари адунеи зегь аҿы ирдыруеит. Аха ҳара ииашоу, аҭынчратә политика ҳамоуп, уи адеоккупацианӡа ҳнанагароуп. Аҭынчра альтернатива амам.. ҳтәыла аҵакырадгьылқәа ҭынч мҩала, апрагматикатә иҟәышу аполитикала ҳархынҳәроуп“, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр.