Иракли Ӷарибашвили - Иахьарнахыс Қырҭтәыла европатәи ҳәынҭқарроуп, Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат тәылоуп, акыр иаҧсоу ҳтәылауаа, ари аиааира шәара ишәтәуп, уи ҳусура иахылҵит
Ари амш идысныҳәалар сҭахуп ҳпартиа ашьаҭаркҩы – ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвили, – иҳәеит Қырттәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.
“Ҳгәыҧ алахәыла цыҧхьаӡа, аиҳабыра алахәылацәа зегьы, зқьҩыла аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа, ҳпарламент, ҳпартиа, анапхгаратә гәыҧ алахәыла цыҧхьаӡа, абри аҭоурыхтә аиааира аиураҿы алагала ҟазҵаз ауааҧсыра зегьы ҷыдала ирыдысныҳәалоит иахьатәи аҭоурыхтә аиааира. Ари амш идысныҳәалар сҭахуп ҳпартиа ашьаҭаркҩы – ҳаҭыр зқәу Биӡина Иванишвили. Иара иоуп изыбзоуроуп иахьатәи амши, абри аиааиреи, абри ақәҿиареи. 2012 шықәса инаркны ҳгәыҧ, ҳполиткиатә гәыҧ, иаҭахыз зегьы ҟарҵеит, иахьатәи амш қәҿиарала ҳусура иабзоуроуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит.
Сара ҳаҭыр сыман ҳтәыла ахьӡала, ҳгәыҧ рыхьӡала, зны Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, анеҩс, сара аҧыза-министрс саныҟаз, қәҿиарала ихьҳаркәшеит авизадатә режим иазкыз аиҿцәажәарақәа, ҵыҧх сара ҳаҭыр сыман ҳтәыла ахьӡала, аофициалла, Евроеидгыла алалара иазкыз азыҳәамҭа аҟаҵара. Ҵыҧх ҳара европатәи аперспектива ҳауит, убри ала ишьақәырҕәҕәан ҳтәыла европатәи аҭаацәара алахәылас ишыҟало, иахьа, ҧхынҷкәын 14, аҭоурыхтә рыцхәны иаанхоит. Иахьарнахыс Қырҭтәыла европатәи ҳәынҭқарроуп. Қырҭтәыла Евроеидгыла акандидат тәылоуп. Акыр иаҧсоу ҳтәылауаа, ари аиааира шәара ишәтәуп, уи ҳусура иахылҵит, абри аҭоурыхтә аиааира аус аҿы лагалак ҟазҵаз, ҳтәыла абри аиааира ду азаазгаз ауаа зегьы даҽазнык ҭабуп ҳәа расҳәоит”, – иазгәеиҭеит аԥыза-министр.