Иракли Ӷарибашвили - Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп нанҳәатәи амшқәа рзы арыцҳара ду ҳшахысыз, ҳтәылауаа, ҳфырхацәа, ауаа рацәа ҳцәыӡит, ҳаруаа афырхаҵара дуи ахмеигӡареи аадырҧшит
Иракли Ӷарибашвили - Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп нанҳәатәи амшқәа рзы арыцҳара ду ҳшахысыз, ҳтәылауаа, ҳфырхацәа, ауаа рацәа ҳцәыӡит, ҳаруаа афырхаҵара дуи ахмеигӡареи аадырҧшит

Аибашьра иалаӡыз ҳаруаа, ҳфырхацәа, ҳтәылауаа рыхьӡқәа ҳаҭырла исгәаласыршәар сҭахуп,  – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Мухаҭгверди иҟоу аиашьаратә нышәынҭраҿ даныҟаз.

“Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп нанҳәатәи амшқәа рзы арыцҳара ду ҳшахысыз, ҳтәылауаа, ҳфырхацәа, ауаа рацәа ҳцәыӡит, ҳаруаа афырхаҵара дуи ахмеигӡареи аадырҧшит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Мухатгверди даныҟаз, уаҟа Урыстәыла-Қырҭтәылатәи еибашьра еилгеижьҭеи 14 шықәса аҵра инамаданы, иҭахаз афырхацәа рмемориал аҿы ашәҭқәа шьҭеиҵеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, дара ишақәнагоу еиҧш атәыла рыхьчон, рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит, ауаа рацәа еиқәдырхеит.

„Раҧхьа иргыланы, сареи ҳаиҳабыреи ҳахьӡала, даҽазнык арҭ ауаа ҳаҭырла исгәаласыршәар сҭахуп, иҭахаз ҳаруаа, ҳфырхацәа, насгьы, ҳтәылауаа зегьы рҭаацәарақәа даҽазнык срыдашшылар сҭахуп. Нанҳәатәи амшқәа рзы ҳара арыцҳара ду ҳхаагеит, ҳтәылауаа, ҳфырхацәа рацәа ҳцәыӡит, дара зеиҧшҟамлац афырхаҵареи, агәымәшареи, ахмеигӡареи аадырҧшит. Дара ишақәнагоу еиҧш ҳтәыла рыхьчон, рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит, атәылауаа рацәа еиқәдырхеит. Уажәы даҽазнык рҭоурыхқәа ҳарзыӡырҩит, афырхацәа рҭоурыхқәеи, афырхаҵара аҿырҧштәқәеи. Даҽазнык среихырхәоит. Раҧхьа иргыланы, ҳтәыла азеиҕьасшьар сҭахуп аҭынчреи аидҵареи”, – иҳәеит аҧыза-министр.