Иракли Ӷарибашвили - Ҳара иҳамоу ақәҿиарақәа иазҧхьагәаҭаны, Евроеидгыла аҟынтә иҵоуроу аӡбара ҳахәҭоуп
Иракли Ӷарибашвили - Ҳара иҳамоу ақәҿиарақәа иазҧхьагәаҭаны, Евроеидгыла аҟынтә иҵоуроу аӡбара ҳахәҭоуп

Ҳара иҳамоу ақәҿиарақәа иазҧхьагәаҭаны, Евроеидгыла аҟынтә иҵоуроу аӡбара ҳахәҭоуп,  – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада 78-тәи асессиа ахадаратә дебатқәа рылахәылацәа рҿаҧхьа данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, иалахәу атәылақәа рыбжьара аҧхьагылара змоу атәыла аҳасабала, Қырҭтәыла, Еврвоеидгыла акандидат астатусс ахәҭоуп.

„Ҳара иҳамоу ақәҿиарақәа иазҧхьагәаҭаны, Евроеидгыла аҟынтә иҵоуроу аӡбара ҳахәҭоуп. „Ассоциациатә трио” иалахәу атәылақәа рыбжьара аҧхьагылара змоу атәыла аҳасабала, Қырҭтәыла, Еврвоеидгыла акандидат астатусс ахәҭоуп! Лабҿаба иубарҭоу Қырҭтәыла ақәҿиарақәеи, иара убас, арегионаҿ агеополиткиатә ҭагылазаашьеи иазҧхьагәаҭаны, ахәшьара иаша ҳарҭап ҳәа ҳгәыҕуеит. Акандидат астатус аиура Қырҭтәылазы мҩа заҵәуп!”, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр.