Иракли Ӷарибашвили Газианҭеԥ иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит
Ари ицәгьоу аамҭазы Қырҭтәыла аҭырқуа ашьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳрывагылоуп, – Твиттер аҿы иҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.
Иракли Ӷарибашвили Газианҭеԥ иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит
„ Газианҭеԥ ақалақь аҿы иҟалаз амҩатә машәыр даара сгәы снаргхьит. Иҭахаз аҭаацәарақәа рылахәылацәеи рҩыхцәеи ҳрыдашшылоит, ахәрақәа зауз агәабзиара рзеиӷьасшьоит. Ари ицәгьоу аамҭазы Қырҭтәыла аҭырқуа ашьцәеи аиаҳәшьцәеи ҳрывагылоуп”, – аҩит аԥыза-министр
Ҭырқәтәыла, Газианҭеԥ ақалақь аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аан 16-ҩык ҭахеит, 21-ҩык ахәрақәа роуит. Аларҵәара зауа адыррақәа рыла, иҭахаз иреиуоуп хҩык амцарцәаҩцәеи, ԥшьҩык аҳақьымцәеи, информациатә агента аусуҩки.