Иракли Ӷарибашвили - Гьаргь Мазниашвили аҭыҧ ҷыда ааникылоит Қырҭтыла кыраамҭатәи арратә ҭоурых бзиахә аҿы
Иракли Ӷарибашвили - Гьаргь Мазниашвили аҭыҧ ҷыда ааникылоит Қырҭтыла кыраамҭатәи арратә ҭоурых бзиахә аҿы

Иахьа ар рҧыза ду, аҧсадгьыл акзаара рхы ақәызҵаз, Қырҭтәыла амилаҭтә фырхаҵа Гьаргь Мазниашвили иирамшуп, – иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Гьаргь Мазниашвили аҭыҧ ҷыда ааникылоит Қырҭтыла кыраамҭатәи арратә ҭоурых бзиахә аҿы.

“Ҳаамҭазтәи ақырҭуа ар амаҵзуҩцәа иреиу, астратегиатә хшыҩла иалкааз ар рҧыза, аамҭакала, иҩызцәа рзы афырхаҵареи агәымшәареи ала дҿырҧшыган. „Сара абольшевикцәа ма аменьшевикцәа ринрал сакәӡам, сара Қырҭтәыла аинрал соуп“ – абарҭ иажәақәа ибзиаӡаны аадырҧшуеит Қырҭтәыла аџьынџьуаа дуқәа рсиаҿы иахәҭоу аҭыҧ аанызкылаз ауаҩы иҧсҭазаара.  Узымиааиуаз аинрал гәыкала иҧсадгьыли ижәлари рымаҵ иуан, иара иҧсҭазаара ҳареи игыло абиҧарақәеи ҳзы еснагь напхгагас иҟазаауеит”, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр.