Иракли Ӷарибашвили Евроеидгылеи Евроеидгыла иалоу атәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа дырԥылеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Павел Ҳерчинскии Евроеидгыла иалоу атәылақәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа дырԥылеит. Аусуратә шьыбжьхьа Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәа рыԥшьгарала имҩаԥган. Аиҳабыра рнапхгаҩы ари аиԥыларахь дааԥхьан.
Аиԥылараҿ ирыхәаԥшит акандидат статус аиуразы Қырҭтәыла иҟанаҵо иконкрету ашьаҿақәа. Иазааҭгылеит апарламенти аиҳабыреи инарыгӡаз 12 рекомендациа.
Иара убас аиԥылараҿ аганқәа ирыхәаԥшит аиҳабыра имҩаԥнагаз ареформақәеи евроинтеграциа амҩаҿ иҟоу апрогресси.
Иара убас иахәаԥшит Еврокомиссиа аҳасабырба.
Иракли Ӷарибашвили ацҳаражәҳәаҩцәа акандидат статус аиуразы Қырҭтәыла аиҳабыра жьҭааранӡа иҟанаҵо ашьаҿақәа ирызкны адырра риҭеит.