Иракли Ӷарибашвили ЕАШ аконгресс аделегациа алахәылацәа дырԥылеит
Иракли Ӷарибашвили ЕАШ аконгресс аделегациа алахәылацәа дырԥылеит

Қырҭтәыла  Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ЕАШ аконгресс аделегациа алахәылацәа дырԥылеит. Аделегациа иалоуп америкатәи асенаторцәа асенатор Џьин Шаҳини, асенаторцәа Роб Портмани Крис Мерфиию

Қырҭтәыла  Аԥыза-министр ипрессмаҵзура адыррақәа рыла, авизит хықәкыс амоуп Урыстәыла агрессиа афонаҿ ЕАШ Қырҭтәыла аоперативтә адгылара аарԥшра, адемократиа арӷәӷәаразы  ареформақәа рынагӡареи Евроеидгылеи Натои рахь алалареи рыдгылара.

Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа ианалацәажәозиаҵшьны иазгәаҭан аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара апроцесс аҿы Америка инанагӡо ароль ду.  Аиҧылараҿы асенаторцәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Америа Аконгресс аҩ– палатак Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Аиҧылара алахәылацәа атәыла аҩнуҵҟа аполитикатә ҭагылазаашьагьы иазааҭгылеитАҧызаминистр ишиҳәаз алаанапхгаратә гәыҧ мшаҧы 19 азы аполитикатә лидерцәа рнапы зҵарҩыз  аиқәшаҳаҭра иазгәыкупуи анагӡаразы иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵоитАконгрессменцәа ишазгәарҭаз аладара рвизит даҽазнык аанарҧшуеит Америка Қырҭтәыла ишадгыло адемократиа арҕәҕәара апроцесс аҿы.

Аиԥылара рхы аладырхәит Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Давиҭ Бақраӡе, Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани, асенатор Шаҳин лыбжьагаҩ аполитикатә зҵаарақәа рзы Емми Инглиши, асенатор Портман ибжьагаҩ аполитика азҵаарақәа рзы Теиор Қлозени, Қырҭтәыла авице-аԥыза, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Залкалиании.