Иракли Ӷарибашвили - Дидгортәи ақәаԥараҿ аиааира ақырҭуа жәлар рыӷәӷәареи, рфырхаҵареи арратә ԥагьареи хашҭра зқәум аҿырԥштәуп
Иракли Ӷарибашвили - Дидгортәи ақәаԥараҿ аиааира ақырҭуа жәлар рыӷәӷәареи, рфырхаҵареи арратә ԥагьареи хашҭра зқәум аҿырԥштәуп

Иахьатәи амш, Дидгороба, шәыззегьы шәыдысныҳәалар сҭахуп. Иахьа ҳҭоурыз аҿы аҵак ду змоу амш азгәаҳҭоит,  – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Дидгороба аныҳәамш аҿы данықәгылоз.

Дидгортәи ақәаԥараҿ аиааира ақырҭуа жәлар рыӷәӷәареи, рфырхаҵареи арратә ԥагьареи хашҭра зқәум аҿырԥштәуп.

„Дидгортәи ақәаԥараҿ аиааира иабзоураны ҳтәыла ахақәиҭреи аҭоурых аҿы ахьтәы период шьақәгылан, аԥсадгьыл аполитикатәи, акультуратәи, аекономикатәи, арелигиатәи, аҵардырратәи аиҭашьаҩқәыргылара алшара аиуит. Ари аиааирала Қырҭтәыла арегион аҿы зегь реиҳа иҩӷәӷәоу атәыла ахьӡ аиуит. Ҳабиԥара ҿыцқәа, ҳахшара, ақәԥшцәа игәаласыршәар сҭахуп, ари –  амилаҭтә, ақьырсиантә хәынаӡарақәа риааира мшын, уи ауп ҳкультуреи, ҳҭоурыхи ҳтәыла атрадициақәеи шьаҭас измоу”, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.