Иракли Ӷарибашвили Девид О’Саливани, Џьеимс О'Браиени, Кумар Иерс дырԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Девид О’Саливани, Џьеимс О'Браиени, Кумар Иерс дырԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Асанкциақәа рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Девид О’Саливани асанкциақәа рызҵаарақәа рзы ЕАШ-и Британиа Дуи рхаҭарнакцәа, ацҳаражәҳәаҩцәа Џьеимс О’Браиени Кумар Иерс дырԥылеит.

Аҧыза-министр Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Қырҭтәыла ивизит дшазыразу азгәаҭаны, ишиҳәаз ала, ақырҭуа аган Бриуссель имҩаҧыргаз аиҧыларақәа раан изныкымкәа иазгәарҭеит ахаҭарнак ҷыда иофис аус ацура шырҭаху, убри аҟынтә ари авизит аҵакы ду амоуп. Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Урыстәыла иазышьақәыргылоу афинанстә санкциақәа ирыдҳәаланы, Қырҭтәыла, еиҧҟьарада аимадара амоуп Евроеидгылеи жәларбжьаратәи аиҩызареи рҟны. 

Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински, Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан, Қырҭтәыла иҟоу Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ  Марк Клеитон, авице-аԥыза Леван Давиҭашвили, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили, администрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе.