Иракли Ӷарибашвили - Ахыдҵақәа зегьы наҳагӡеит, европаа ииашоу иҟәыӷоу аӡбамҭа ахьрыдыркыло агәра ҳгоит
Иракли Ӷарибашвили - Ахыдҵақәа зегьы наҳагӡеит, европаа ииашоу иҟәыӷоу аӡбамҭа ахьрыдыркыло агәра ҳгоит

«Ҳара Евроеидгыла аҿаԥхьа иҳамаз ахыдҵақәа адҵақәеи зегьы наҳагӡеит. Евроеидгыла алаларазы аҳәара ахьыҟаҳҵаз, даҽазнык шьақәҳарӷәӷәеит ҳажәлар рыдҵақәа шынаҳагӡо,” – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аиҳабыра реилатәара аҿы.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра активтә адәныҟатәи аполитика мҩаԥнагон, убри аҟынтә уажәы Қырҭтәыла Евроеидгыла аҟынтә астатус анашьара аӡбамҭа азыԥшуп.

“Евроеидгыла акандидат астатус анашьаразы аднакыло аӡбамҭа ҳазыԥшуп. Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәыла аиҳабыра активтә адәныҟатәи аполитика мҩаԥнагоит. Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҿыц Илиа Дарчиашвили адҵа исҭеит, уи европатәи иколлегацәа рҟны активтә аимадара ибжьоуп. 17-ҩык адәныҟатәи аусқәа рминистрҵәа рҟны 20 иреиҳаны аиԥыларақәа мҩаԥигахьеит. Ҳара Евроеидгыла аҿаԥхьа иҳамаз ахыдҵақәа адҵақәеи зегьы наҳагӡеит. Евроеидгыла алаларазы аҳәара ахьыҟаҳҵаз, даҽазнык шьақәҳарӷәӷәеит ҳажәлар рыдҵақәа шынаҳагӡо”,- иҳәеит Ӷарибашвили.