Иракли Ӷарибашвили - Иуахәаматәымгьы ауахәаматәгьы напхгара, аҵарауаа, абжьагаҩцәа, ажәлари адоуҳатә хаҿқәеи, ҳазынтәгьы Гелаҭи ацқьара ахьчаразы ҳаидгылоуп, избанзар, ибзиаӡаны еилаҳкаауеит абри аматериалтә баҟа адоуҳатә идеиа цқьа шамоу
Иуахәаматәымгьы ауахәаматәгьы напхгара, аҵарауаа, абжьагаҩцәа, ажәлари адоуҳатә хаҿқәеи, ҳазынтәгьы Гелаҭи ацқьара ахьчаразы ҳаидгылоуп, избанзар, ибзиаӡаны еилаҳкаауеит абри аматериалтә баҟа адоуҳатә идеиа цқьа шамоу, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Гелаҭтәи амонастиртә комплекс ареабилитациа апрограмма аӡыргараҿ данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, Гелаҭи иуникалу адоуҳатә идеиа змоу аматериалтә баҟоуп, уа аҵарадырреи адини уаҳа џьаргьы ишыҟам еиԥш еидҳәалоуп.
„Раҧхьа иргыланы, шызынтәгьы Қырҭтыла Ахьыҧшымра амш шәыдысныҳәалар сҭахуп. Абри амш ҳазынтәгьы ҳаиднакылоит, убри аҽны, абри амчыбжь азы ҳара зҵакы дуу азҵаара алацәажәаразы ҳаизеит, уигьы асимволтә ҟазшьа амоуп. Сара, акыр иаҳзыҧсоу ҳпартриархи, адоуҳатә хаҿқәеи, ҳуахәамеи ҳпатриархиеи даҽазнык аҳаҭырқәҵара ду рзаасырҧшыр сҭахуп. Иара убас, исҳәар сҭахуп, ҳара ҳзы Гелаҭи – зеиҧшҟамлац ҳмилаҭ рдоуҳатәии ркультуратәи баҟоуп. Гелаҭи, иҵабыргны, ауниверсалтә адоуҳатә идеиа змоу баҟоуп, абраҟа аҵарадырреи адинхаҵареи еилоуп. Иуахәаматәымгьы ауахәаматәгьы напхгара, аҵарауаа, абжьагаҩцәа, ажәлари адоуҳатә хаҿқәеи, ҳазынтәгьы Гелаҭи ацқьара ахьчаразы ҳаидгылоуп, избанзар, ибзиаӡаны еилаҳкаауеит абри аматериалтә баҟа адоуҳатә идеиа цқьа шамоу, ҳаҳ ду Давиҭ еиҭах ҳаидикылоушәа, ақырҭуа жәлар ракзаараҵәҟьа аҭыҧ ахьыҟоу ҳгәалаиршәоушәа. Убри аҟынтә, сара, аиҳабыра рыхьӡарала, ақырҭуа уахәамеи, аҵарадырра ахаҭарнакцәеи, ақырҭуа уаажәларреи жәларбжьаратәи аҩаӡара змоу апроектқәа рынагӡараҿы адгылара ҕәҕәа рзаасырҧшыр сҭахуп. Ҳара, ҳмилаҭ рдоҳатәи ркультуратәи ҭынхара ахьчаразы еиҭах ҳаидгылоуп, уи даараӡа сеиқәырҕьоит, уи сгәы аздууп, насгьы, ҳара, аиҳабыра, Қырҭтәыла ауахәама ҳадгыланы, Гелаҭи аберҭыҧтә комплекс аконсервациа қәҿиарала амҩаҧгара ҳалахәып“, – иҳәеит аԥыза-министр.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Гелаҭтәи амонастиртә комплекс ареабилитациеи адунеитә ҭынхара абаҟаҿ ицәырҵыз апроблемақәеи ирыхҟьаны, Қырҭтәыла аиҳабыра рыԥшьгара ала, абаҟа ареабилитациа апроцесс иахагылеит Қырҭтәыла апатриархиа.