Ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыц, шәареи шәҭаацәарақәеи ҳтәыла амилаҭтә акзаара, аҭынчра, агәыӷрақәа рынагӡара, абзиабара, апатуқәҵара , абарақьаҭра, ақәҿиарақәа ишәзеиӷьасшьоит, – иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр иҟаиҵаз Ашықәс ҿыцтәи адныҳәалара аҿы.
Иракли Ӷарибашвили иҳәамҭаҿ ишану ала, сынтәа Европатәи ахеилак Қырҭтәыла европатәи аперспектива азханаҵеит.
«Қырҭтәыла иуникалу акультуреи атрадициақәеи рыла иаку Европтәи аҭаацәара хымԥада иалалоит!» – иазгәеиҭеит аԥыза-министр.
Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, 2022 шықәса агеополитикатә рискқәа рганахьала ицәгьаз шықәсын.
«Украинаҿ ицо аибашьра ауааи аҭаацәарақәеи рацәаны мацара акәымкәа, ҳрегиони, Европеи адунеи рҟны агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыц шьақәнаргылеит. Ааԥхьарақәеи арискқәеи ирызԥхьагәаҭаны, ҳполитикеи иҳадаҳкылаз аӡбарақәеи ҳтәыла аҭышәынтәалареи, ашәарҭадареи, аԥеиԥши ракәын хықәкыс иамаз. Ҳполитика иабзоураны ҩрыцхә рыла ишьақәгылоу аекономикатә азҳара ҳамоуп, ари иабзоураны ҳажәлар рыԥсҭазаашьа аиӷьтәра ҳалшеит. Қырҭтәыла атәылауа, урҭ рыбжьара импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ҳтәылауаа, аԥсуааи ауаԥси ҳашьцәа иаҳа-иаха ибзианы еилыркаауеит Қырҭтәыла аҭышәынтәалареи, аҭынчреи, ашәарҭадареи, аҿиара атемпи рыла урҭ рыҩны шакәу, уа урҭ Еврпатәи аперспектива иаҳзаанаго абзиарақәа зегьы рхархәара рылшоит. Иаку иӷәӷәоу Қырҭтәылаҿ аицынхара шҳалшо сгәра згоит», – иҩуеит Иракли Ӷарибашвили.