Иракли Ӷарибашвили - Ари амши аԥсадгьыл ахақәиҭреи амилаҭтә гәдура, ахьӡ-аԥша, абзиара ауп ҳәа згәы иаанаго ихадароу амилаҭтә ныҳәа рыдысныҳәалоит
Иахьа ҳтәыла ауааԥсыра Қырҭтәылеи уи анҭыҵи, ҳҩызцәеи, ҳпартниорцеи ирыцны ҳҭоурых аҿы амш ҷыда, Қырҭтәыла ахьыԥшымра амш иазгәаҳҭоуит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ахьыԥшымра амш инамаданы Ахьыԥшымра ашҭаҿ имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.
„Ҳаҭыр зқәу ахада, апарламент ахантәаҩы, аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәеи, аӡбарҭақәа рхантәаҩцәеи, апатриархиа ахаҭарнакцәеи, аҷҟәандар Шио, ҳаҭыр зқәу ацҳаражәҳәаҩцәеи, адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәеи, ҳауаажәлари ҳари салам шәасҳәоит. Ҳаҭыр зқәу ҳтәылауаа, ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла ахьыԥшымра амш, лаҵара 26.
Қырҭтәыла актәи ареспублика анапхгара аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара рыларҳәеижьҭеи 105 шықәса ҵит.
Ари амши аԥсадгьыл ахақәиҭреи амилаҭтә гәадура, ахьӡ-аҟша, абзиара ауп ҳәа ргәы иаанаго зегьы ихадароу амилаҭтә ныҳәа рыдысныҳәалоит
Иҷыдоу ажәа ҟәандақәа рыла трыдысныҳәалоит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ҳашьцәеи ҳәаҳәшьацәеи, аԥсуааи ауаԥси ҳтәылауаа.
Ҷыдала ирыдысныҳәалоит аҭоуба шьҭазҵаз аруаа ҿыццәа.
Иҭабуп ҳәа расҳәоит иахьа иаҳҭааз аҳәаанырцәтәи ҳҩызцәа, ҳпартниорцәа. Урҭ рыдгылара ҳара ҳзы ахәы змам хҭысуп“,- иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.