Иракли Ӷарибашвили - Ақырҭуаа рыхдырра шьаҭас ақьырсиантә хәынаӡарақәа амоуп, ари ашәышықәсақәа ирылагӡаны ҳҭоурых, ҳҵасқәа, ҳкультура иҳәаақәнаҵоит
1917 шықәса хәажәкыра 25 рзы ауахәама ахаланапхгараҭара аиҭашьақәыргылара ала ақырҭуа жәлар аиашахаҵара ажәытәӡатәи атрадициа азыхынҳәит, иалагеит аҭоурыхтә аиашара аиҭашьақәыргылара амҩа цәгьа, аамҭак ала ашьаҿа хада ҟҵан Қырҭтәыла ахьыԥшымра ахырхарҭала, – ааицҳаит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.
“Иахьатәи амш асимволтә ҵак ду амоуп – ари ауахәама ахьыԥшымреи автокефалиеи даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит, ишьақәнарӷәӷәоит ауажәама ҳауаажәлар рыԥсҭазаареи еиӷьу аԥеиԥш аргылареи рҿы инанагӡо ароль шдуу”, – иазгәеиҭеит аԥыза-министр.