Иракли Ӷарибашвили - Аполиткиатә мчқәа рахь ааҧхьра ҟаиҵоит, ҭынч аиҿацәажәара амҩаԥгаразы
Иахьа Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра азакәан нанагӡеит, аполитикаҿы арадикализм аиҵатәреи азинтә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи азыҳәан уи хымҧада иҟаҵатәын, – иҳәеит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили. Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, атәыла аҿаҧхьа аҳасабтәқәа рацәоуп, убри аҟынтә, уажәы, аиҿагылара акәымкәа, аиҿцәажәара иаамҭоуп.
“Атәыла аҿаҧхьа аҳасабтәқәа рацәоуп, убри аҟынтә, уажәы, аиҿагылара акәымкәа, аиҿцәажәара иаамҭоуп. Иҟәышны ихәыцуа аоппозициатә мчқәа ирыдазгалоит апарламент иалаларц, ҳтәыла азакәанҧҵаратә орган адискуссиазы аплатформа хада аҳасабала ҳхы иаҳархәап. Иацы ишысҳәаз еиҧш, ҳара ианакәызаалак, иарбан форматзалаак, адиалог ҳазхиоуп.
Ҳара, ҳаидгыланы, ҳҳәынҭқарреи уи ахьыҧшымреи ашьақәырҕәҕәареи, адемократиатә система арҕәҕәареи, аекономикатәи асоциалтәи проблемақәа рыӡбареи, Евроеидгылеи НАТОи рышҟа Қырҭтәыла аинтеграциеи еиқәҳаршәароуп. Ҳаҧсадгьыл уаҳа аамҭа амам. Иахьа аиҟәшара акәымкәа, аидгылара иаамҭоуп. Анцәа даҳхылаҧшааит! ” – иануп Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ.