Иракли Ӷарибашвили Антониу Гутиереш диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Антониу Гутиереш диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ЕАР амааӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутиереш диԥылеит.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз, аиҳабыра рнапхгаҩы Ниу-Иорк ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз аиԥылараҿ адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи ауадаҩрақәеи дрыхцәажәеит.

Иракли Ӷарибашвили Антониу Гутиереш Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгыларазы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.

Аԥылараҿ иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла аиҳабыра аимак ҭынч мҩала аҭыԥқәҵара амҩа шалнахыз, Қырҭтәыла атерриториақәа рдеоккупациеи ампыҵахаларатә цәаҳәала еиҟәшоу ауаажәлар рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара хықәкыс шамоуп. Аганқәа Украина ицо аибашьреи уи адунеи аҿы ныррас амоу иахцәажәеит.