Иракли Ӷарибашвили - Амиллион доза "Синофарми" ҩмиллион доза "Фаизери" раахәара аус адаҳулоит
Иракли Ӷарибашвили - Амиллион доза "Синофарми" ҩмиллион доза "Фаизери" раахәара аус адаҳулоит

Ибзиаӡаны еилаҳкаауеит ааԥхьара дуқәа дыҟоу, урҭ иреиуоуп аепидемиа. Аҵыхәтәантәи мчыбжьқәак рзы аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы, атәылаҿ џьара-џьара аԥкрақәак алаҳгалеит, арҭ амшқәа рзы атенденциа бзиа иубарҭоуп,- иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили “Ақырҭуа гәахәтәы” аҟынтә Амбролаури иҭыԥ азы акандидат Звиад Мхеиӡе иқәыргылараан.

Аԥыза-министр иажәақәа рыла, аиҳабыра рзы зҵаара хаданы иқәгылоуп аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара, ауааԥсыра рхылаԥшра.

“Ҳара ҳзы зқаара хаданы иқәгылоуп аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара, ауааԥсыра рхылаԥшра. Иахьа атәылаҿ миллион доза “Фаизер” ҳамоуп. Амиллион доза “Синофарми” ҩмиллион дола “Фаизери” раахәара аус адаҳулоит,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.