Иракли Ӷарибашвили Алада-Африкатәи Ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит
Иракли Ӷарибашвили Алада-Африкатәи Ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Алада-Африкатәи Ареспубликаҿ Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Роланд Бериӡе диԥылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿ имҩаԥгаз аиԥылараҿ Қырҭтәылеи Алада-Африкатәи Ареспубликаеи ирыбжьоу аусеицура ашьаҭатәи хырхарҭақәа рыхцәажәеит.

иракли Ӷарибашвили Роланд Бериӡе ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.

 

Роланд Бериӡе Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ иуеиԥшым апозициақәа рӡы аус иуан. Кувеиттәи аҳәынҭқарраҿ қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан.