Иракли Ӷарибашвили - Акоррупциа аҿагылара жәларбжьаратә амш Қырҭтәыла арегионтәи жәларбжьаратәи лидер апозициала иаԥылоит
Акоррупциа аҿагылара жәларбжьаратә амш Қырҭтәыла арегионтәи жәларбжьаратәи лидер апозициала аԥылоит. Сынтәа акоррупциа аҿагылара иаҳа ӷәӷәахеит. Ари азы аҵак ду аман Антикоррупциатәбиуро аԥҵара, – иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.
Аԥыза-министр иажәақәа рыла аиҳабыра рҽышәала алҵшәа иубарҭоуп авторитет змоу жәларбжьаратә аиҿкаарақәа рҳасабырбақәа рҿы.
“World justice project азакәан аиҳаӡара сынтәатәи аиндекс инақәыршәаны, Қырҭтәыла, акоррупциа аҟынтә ахақәиҭра аганахьала адунеи аҿы 33-тәи аҭыԥ ааннакылоит, Евроеидгыла 20 тәыла ирыбжьоуп, Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит.
Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит. Адунеи абанк анапхгараҭаратә индекс инақәыршәаны, НАТОи Евроеидгылеи атәылақәа рацәа ҳарҧысит. Жәларбжьаратәи аартызаара акоррупциа аарҧшра аиндекс ала арегионаҿ аҧхьагылара ҳамоуп. Heritage foundation аекономикатә хақәиҭра аиндекс ала Евроеидгыла 11 ҳәынҭқаррақәа раҧхьа ҳгылоуп. Жәларбжьаратәи апартниорра 2021 шықәсатәи иаарту абиуџьет аҭҵаара адунеитә реитинг аҿы, абиуџьет аартызаара инақәыршәаны, Қырҭтәыла, 120 ҳәынҭқарра рҟынтә актәи аҭыҧ ааннакылоит.
Адунеитә аекономикатә форум “Аглобалтә аконкуретралшара аҳасабырба” инақәыршәаны, акорупциа ахылаԥшра ареитинг аҿы Қырҭтәыла адунеит аҿы 20-тәи,Европаҿ – 11-тәи, ԥыхьатәи Асоветтә Еидгыла атәылақәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит.
„Transparency International” „Акоррупциа аиндекс” аҿы 180 тәыла рыбжьара Қырҭтәыла 41-тәи аҭыԥ ааннакылан, арегион аҟны аԥхьагылара амоуп”, – иануп аҳәамҭа аҿы.