Иракли Ӷарибашвили - Аклимат аҽаҧсахра азҵаара ҳабиҧара проблемас иазыҟалеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 27-тәи аконференциа адунеитә лидерцәа рсаммит аҿы дықәгылеит.
Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, аклимат аҽаҧсахра азҵаара ҳабиҧара проблемас иазыҟалеит, адунеитә лидерцәа аҭакԥхықәра ирыдуп ари апроблема аҭыԥқәҵара аԥшаара аганахьала.
“Убри аҟынтә, Қырҭтәыла, парижтәи аҧхықәрақәа рынагӡара азҵаара иахәаҧшуеит, 2025 шықәсанӡа амилаҭатә аҩаӡараҟны иҳәаақәҵоу алагала аизырҳара амбициа ҳамоуп. Аклимат аҽаҧсахра аусхәаҧштә ҳаҧхьаҟа адгылареи аклимат аҽаҧсахра иахылҵуа алҵшәақәа рырмаҷреи амзызла, Қырҭтәыла еиқәнаршәеит аклимат аҽаҧсахра иазку, 2030 шықәсанӡа иазыҧхьагәаҭоу астратегиеи иашьашәалоу ауснагӡатәқәа рплани.
Убри адагьы, кыраамҭалатәи илаҟәу аемиссиа астратегиала, Қырҭтәыла хықәкыс иамоуп иаку амилаҭтә ҽазышәарақәеи жәларбжьаратәи адгылареи ала 2050 шықәсанӡа арацәари аганахьала анеитралтә тәыла астатус аиура“, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили иқәгылараан.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 27-тәи аконференциа адунеитә лидерцәа рсаммит ихы алаирхәоит, ауснагӡатә мҩаҧысуеит Епипеттәи араҧтәи ареспубликаҿы, Шарм-Ель-Шеих аҟны.