Аӡбаҩцәа зегьы адгылара рзаасырԥшуеит, ҳнапхгараан аӡбарҭа зхы иақәиҭу ихьыԥшым системас шьақәгылеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿ Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа рҟны аиԥылара ашьҭхь.
Иракли Ӷарибашвили иажәақәа рыла, иарбанзаарак аҽалагалара ма аӡбаҩцәа рықәыӷәӷәара аҭыԥ амамзароуп.
„Нино Қадагиӡеи аӡбаҩцәеи, Аиустициа иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәеи сырԥылеит. Сара сышьҭымҭа хада абри ауп – аиҳабыра рнапхгаҩы иаҳасаб ала, анапхгаратә партиа ахаҭарнак иаҳасаб ала Аӡбаҩцәа зегьы адгылара рзаасырԥшуеит, ҳнапхгараан аӡбарҭа зхы иақәиҭу ихьыԥшым системас шьақәгылеит. Иарбанзаарак аҽалагалара ма аӡбаҩцәа рықәыӷәӷәара аҭыԥ амамзароуп. Ари, зхы иақәиҭу исуверену аӡбарҭеи аӡбаҩцәеи рзы адкылашьа амам. Аӡбарҭа ахьыԥшымреи, ахақәиҭреи рыхьчаразы амаксимум ҟаҳҵоит. Абри ауп ҳполитика, абри ауп хықәкыс иҳамоу”, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.