Иракли Ӷарибашвили - Жәларбжьаратәи аиҿкаашьа ашҽеиҭанакуа аабоит, иҵабыргны иуҳәозар, атомтә бџьар ашәарҭара дууп, аиҳабыра хықәкыс иамоу - ахатә жәлар рыхьчара
Иракли Ӷарибашвили - Жәларбжьаратәи аиҿкаашьа ашҽеиҭанакуа аабоит, иҵабыргны иуҳәозар, атомтә бџьар ашәарҭара дууп, аиҳабыра хықәкыс иамоу - ахатә жәлар рыхьчара

«Жәларбжьаратәи аиҿкаашьа ашҽеиҭанакуа аабоит, иҵабыргны иуҳәозар, атомтә бџьар ашәарҭара дууп», — иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили апарламент аҿы есышықәсатәи аҳасабырбала иқәгылараан.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, абри еиԥш аҭагылазаашьаҿ аԥыза-министри аиҳабыреи хықәкыс ирымоуп ахатә жәлари атәылеи рыхьчара.

«Ишыжәдыруа еиҧш, аҳасабырбаҿ иарбоу аамҭа адунеи зехьынџьара идуӡӡоу апроблемақәа аныҟаз аамҭа иақәшәеит. Иуадаҩӡаз аҭагылазаашьаҿы аусура ҳақәшәеит. Украина аибашьра инагӡоит, ҳәарада, уи ҳрегион мацара акәымкәа, адунеи зегьы проблемас иазыҟалеит. Жәларбжьаратәи аиҿкаашьа ашҽеиҭанакуа аабоит, иҵабыргны иуҳәозар, атомтә бџьар ашәарҭара дууп. Ҳәарада, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, сара, аҧыза-министр иаҳасабала, иара убас, ҳаиҳабырагьы, ахадаратә хықәкыс, ахадаратә ҳасабтәс иҳамоу ҳтәыла аиқәырхареи, ҳажәлар ринтересқәа рыхьчареи, насгьы, иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы аекономикатә аҿиара ҕәҕәа ахьчареи. Ишыжәдыруа еиҧш, аҵыхәтантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа аекономикатә азҳара ҕәҕәа ҳамоуп, аҵыхәәтантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа 10%-тәи аекономикатә азҳара ҳаман», — иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.