Иракли Ӷарибашвили абизнесеиҿкаареи Қырҭтәыла аус зуа абанкқәеи рнапхгаҩцәа дырԥылеит
Иракли Ӷарибашвили абизнесеиҿкаареи Қырҭтәыла аус зуа абанкқәеи рнапхгаҩцәа дырԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили абизнесеиҿкаареи Қырҭтәыла аус зуа абанкқәеи рнапхгаҩцәа дырԥылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы амилаҭтә банк ахада Коба Гвенетаӡеи иҟынтә адырра иоуит аекономикатә ҭагылазаашьеи лари акурс иадҳәаланы амилаҭтә банк апрогнозқәеи ирызкны.

Иракли Ӷарибашвили аекономикаҿ иҟоу апозитивтә тенденциақәа дрыхцәажәеит, аԥыза-министр иазгәеиҭеит ажьырныҳәазы аекономикатә азҳара арбага 18% ишаҟараз, уи арегион аҿгьы Европаҿгьы иреиҕьу арбагоуп; аеқспорт иазҳаит, атуризм аусхкы аҿы ахырхарҭақәа зегьы рыла азҳара иубарҭоуп.

Аԥыза-министр, Қырҭтәыла аиҳабыра рыхьӡ ала, абизнес адгылара азааирԥшит.