Иракли Ӷарибашвили - Аҧсуеи ауаҧси ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп - иаҳзеиҧшу ҳаҕа иоуп ҳара ҳакзаара иаҿагыло
Аҧсуеи ауаҧси ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп – иаҳзеиҧшу ҳаҕа иоуп ҳара ҳакзаара иаҿагыло. Ҳара аихьӡара дуқәа змоу агениалтә жәлар ҳауп, аха, акыраамҭалатәи аҭышәынтәалареи, аинвестициа дуқәа рыдаҧхьалареи, иеиду амилаҭ аҳасабала ҳпотенциал инагӡаны аарҧшреи азыҳәан ҳаицызароуп. Ишәҭыкакаҷу, иҭышәынтәалоу, аҭынчратә аҧеиҧш аиқәыршәаразы иҳамоу алшара ҳцәымӡроуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада 78-тәи асессиа ахадаратә дебатқәа рылахәылацәа рҿаҧхьа данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, ҭынч анхареи, аҭышәынтәалареи, ишәҭыкакҷуа аԥеиԥши рахь ицо амҩа ҳамцәыӡроуп.
„Аҧсуеи ауаҧси ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп – иаҳзеиҧшу ҳаҕа иоуп ҳара ҳакзаара иаҿагыло. Ҳара аихьӡара дуқәа змоу агениалтә жәлар ҳауп, аха, акыраамҭалатәи аҭышәынтәалареи, аинвестициа дуқәа рыдаҧхьалареи, иеиду амилаҭ аҳасабала ҳпотенциал инагӡаны аарҧшреи азыҳәан ҳаицызароуп. Ишәҭыкакаҷу, иҭышәынтәалоу, аҭынчратә аҧеиҧш аиқәыршәаразы иҳамоу алшара ҳцәымӡроуп.
Иҟаҳҵо ашьаҿақәа зегьы европатәи аҭаацәарахьы Қырҭтәыла ахынҳәра ауп изызку, ҳаргьы ари аҭаацәара ҳаҵанакәеит. Евроеидгылаҟны ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭара, зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭра, авизадатә режим уҳәа, ҳаиҳабыра рыбзоурала 2012 шықәса инаркны ҳтәыла иаиуз ақәҿиарақәа шьақәдырҕәҕәоит ҳара ҳзы Евроеидгыла алалара азҵаара агеополитикатә ҧыжәара шамоу.
Ҵыҧх, рашәарамзазы, европатәи аперспективаа анҳанаршьа, ҳареи Евроеидгылеи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы аетап ҿыц иалагеит. Аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Қырҭәтыла ауааҧсыра рҟынтә 90 наӡына Евроеидгыла иалалар рҭахуп, ҳара, Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиура амзызла иҳарҭах 12 абжьагарақәа әгыкала инаҳагӡоит. Аҩныҵҟатәи аинклиузивтә, иаарту апроцесс ҕәҕәа илахәып ариа ус иазҿлымҳау аганқәа зегьы, ари апроцесс абзоурала, ашықәс анҵәамҭанӡа аҳәарақәа зегьы рынагӡара ҳалшоит,” – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.