Иракли Ӷарибашвили - Аҧсуааи ауаҧсааи ҳаваргыланы, аҿиара змоу, аҭынчратә аҳәынҭқарра ҕәҕәа аҧҵара - ҳара ҳазынтәгьы ҳзы иреиҕьу перспективоуп, убри аҟынтә, ҳазынтәгьы ари аус ҳалахәызароуп
Иракли Ӷарибашвили - Аҧсуааи ауаҧсааи ҳаваргыланы, аҿиара змоу, аҭынчратә аҳәынҭқарра ҕәҕәа аҧҵара - ҳара ҳазынтәгьы ҳзы иреиҕьу перспективоуп, убри аҟынтә, ҳазынтәгьы ари аус ҳалахәызароуп

Аҧсуааи ауаҧсааи ҳаваргы ланы,  аҿиара змоу, аҭынчратә аҳәынҭқарра ҕәҕәа аҧҵара – ҳара ҳазынтәгьы ҳзы иреиҕьу перспективоуп, убри аҟынтә, ҳазынтәгьы ари аус ҳалахәызароуп, – иҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли ӷарибашвили асоциалтә каҭаҿы.

Иракли Ӷарибашвили  иажәақәа рыла, иҟәышу, агәреибагара аиҭашьақәыргылара иазку ҳполитика ҟәыш абзоурала, шьаҿа-шьаҿала ари ахықәкы ҳшаазааигәахо.

Ҳҭоурыхаҿ зегьы реиҳа ихьанҭаз атрагедиатә хҭысқәа иреиу  – Аҧснытәи еибашьра алагара амш  инаркны 31 шықәса ҵит. Иҵаҵгәыдаз, ииашамыз аиҿагылара иалаӡит ҳтәылауаа рацәа  – аруаагьы аҭынчуаагьы.Ҳуаажәлар зегьы, ҳазынтәгьы, арҭ ауаа даҽазнык ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит.

Аҵакырадгьылтә аимакқәеи урҭ рылҵшәақәеи  – ажәытәӡатә ҳҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи, шәнызқьҩыла ауааҧсыра рыҧсадгьылаҿ  ахҵәараҿы рыҟазааареи, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны аизыҟазаашьақәеи  – иахьагьы ҳажәлар рзы ахадаратә ҳасабтәс иаанхоит, арҭ апроблемақәа рыӡбара ҳалшоит аҭынчра ахьчареи, агәреибагара аиҭашьақәыргылареи, атәыла аҿиареи ала.

Аҧсуааи ауаҧсааи ҳаваргыланы, аҿиара змоу, аҭынчратә аҳәынҭқарра ҕәҕәа аҧҵара – ҳара ҳазынтәгьы ҳзы иреиҕьу перспективоуп, убри аҟынтә, ҳазынтәгьы ари аус ҳалахәызароуп. Агәра ганы сыҟоуп  ҳара анапхгара анаҳга амш инаркны имҩаҧааго, агәреибагара аиҭашьақәыргылара иазку ҳполитика ҟәыш абзоурала, шьаҿа-шьаҿала ари ахықәкы ҳшаазааигәахо“, – иҩит аԥыза-министр.