Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили аԥсылман тәылауаа Рамадан-баирам рыдиныҳәалеит .
“Қырҭтәыла иқәынхо аԥсылманцәа абзиабареи апатуқәҵара дуи рыла ирыдысныҳәалоит Рамадан-баирам – мызкы имҩаԥысуа ачгара ашьҭахь иазгәарҭо аныҳәа ду.
Ҳара ашәышықәсақәа рзы аиҩызареи аиашьареи ҳабжьоуп, азеиԥш ԥсадгьыл ҳамоуп, ҳазҭагылоу аамҭаҿ ҳаицынхоит, аԥеиԥшгьы ҳамчқәа еидкыланы ҳаргылароуп. Убри аҟынтә, шәгәырӷьара – ҳара ҳацыԥхьаӡа игәырӷьароуп. Аҭынчреи, мышхәбзазареи агәабзиареи ақәҿиарақәеи ишәзеиӷьасшьоит, – иануп аҳәамҭа аҿы.