Иракли Ӷарибашвили - Аҭоурыхтә аҵабыргра еиҭашьақәгылоит Қырҭтәыла акзаара еиҭашьақәгылоит, аҭынч мҩала аԥсуааи ауаԥсааи ҳаиашьцәеи ҳареи иӷәӷәоу аҿиара змоу аҳәынҭқарра ҳаргылоит
Аҭоурыхтә аҵабыргра еиҭашьақәгылоит Қырҭтәыла акзаара еиҭашьақәгылоит, – иҩит Иракли Ӷарибашвили асоциалтә каҭаҿы.
“29 шықәса раԥхьа, нанҳа 14 рзы Қырҭтәыла аҭоурых аҿы зегь реиҳа идрамарку ахҭыс – аԥснытәи еибашьра иалагеит.
Аиашьара зыбжьоу ажәларқәа реимак ауаа рацәаны – аруааи аҭынч уааԥсыреи иалаӡит.
Афронт ацәаҳәа нхыҵи аахыҵи ҳтәылауаа гылан. Иҭахаз ауаҩы цыԥхьаӡа рҭаацәара срыдашшылоит.
Аҭынчреи аҿиареи рыла аԥсуааи ауаԥсааи ҳаиашьцәеи ҳареи иӷәӷәоу аҿиара змоу аҳәынҭқарра ҳаргылоит, ари аҳәынҭқарраҿ атәылауаҩ цыԥхьыӡа аетникатәи, арелигиатәи, акультуратә ахкырацәарала ахатәҟазшьара аарԥшреи амшхәбзазареи, аҿиареи рылшоит,” – иануп Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.