Иракли  Ӷарибашвили Ҭырқәтәыла Барҭынтәи апровинциаҿ арацәыҵхырҭаҿ иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит
Иракли Ӷарибашвили Ҭырқәтәыла Барҭынтәи апровинциаҿ арацәыҵхырҭаҿ иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили Ҭырқәтәыла Барҭынтәи апровинциаҿ амаденҵхырҭаҿ иҟалаз арыцҳара инамаданы адашшылара ҟаиҵеит.

„Ҭырқәтәыла Барҭынтәи апровинциаҿ амаденҵхырҭаҿ иҟалаз аԥџәара даарӡа сгәы снархьит. Ари аамҭа цәгьа аан иҭахаз руацәеи, аахақәа зауз ауааԥсыреи аиқәырхаратә аоперациа алахәылацәеи ҳрыглыоуп. Аҭырқәа ажәлари аиҳабыреи гәык ала срыдашшылоит”, – иҩит Иракли Ӷарибашвили Твиттер иофициалтә даҟьа ианылаз аҳәамҭа аҿы.

Жьҭаара 14 рзы, Ҭырқәтәыла, Барҭынтәи апровинциаҿ амаденҵхырҭаҿ аҭыԥ змаз аԥжәара амшала 28-ҩык ҭахеит. Ауаа реиқәырхаразы аусԥшаара-аиқәырхаратә операциа мҩаԥысуеит. Амзызқәа макьана идырым.