Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аинвесторцәа рхеилак аилатәара мҩаԥган
Иракли Ӷарибашвили инапхгарала аинвесторцәа рхеилак аилатәара мҩаԥган

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили инапхгарала, Аиҳабыра радминистрациаҿ аинвесторцәа рхеилак аилатәара мҩаԥган.

Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, ахеилак еилатәараҿ иқәгылеит Британиа ду ацҳражәҳәаҩ Марк Клеитони, Кавказ иҟоу EBRD арегионтә директор Катарина Биорлин Ҳансен.

Аилатәара алахәылацәа жәларбжьаратәи ахәаахәҭра адгылареи Қырҭтәыла ирҿыцу аенергиа аусхк аҿиара адгылареи ирыхәаԥшит. Иара убас иазааҭгылеит Евроеидгылахь аинтеграциа амҩаҿ инагӡо ареформақәа аинвесторцәа рхеилак аҽалархәра.