Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа
Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи бџьаршьҭыхлатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит фҩык аибашьцәа

Ингушетиатәи ақалақь Карабулак кыаамҭалатәи аидыслара ашьҭахь, иршьит бџьарла еибыҭаз фҩык аибашьцәа. Ақалақь аҟны алагалан аконтртерористтә аоперациа  арежим. Аоперациа ихыркәшеит, азакәанхьчаҩцәа иршьыз ахаҿқәа рыхьӡқәа реилкаара иаҿуп.

Урыстәылатәи аихқәа рдыррақәа рыла, бџьарла еибыҭаз ахаҿқәа рықәхразы Карабулак аоперациа ҷыда хәажәкыра 2 рзы иалагеит. Амилаҭтә антитерористтә комитет аинформациала, Ингушетиа,аоперативтә-аԥшааратә уснагӡатәқәа раан, ашәарҭадаратә маҵзурақәа ҩнаҭак аҿы бџьарла еибыҭаз ахаҿқәа ргәыԥ рыԥшааит. Урҭ атеракт азы аҽазыҟаҵара иаҿын.

Аоперациа амҩаԥгараан, ааигәа иҟаз ақыҭақәа рҟынтә ауаа аевакуациа рзуун.