Имҩаԥган Нато-Қырҭтәылатәи акомиссиа аилатәара - Алианс адгылаҩцәа Қырҭтәыла адгылара даҽазнык шьақәдырӷәӷәоит, ареформақәа рҵакы иахцәажәоит
Имҩаԥган Нато-Қырҭтәылатәи акомиссиа аилатәара - Алианс адгылаҩцәа Қырҭтәыла адгылара даҽазнык шьақәдырӷәӷәоит, ареформақәа рҵакы иахцәажәоит

Имҩаԥган Нато-Қырҭтәылатәи акомиссиа аилатәара, уи ихы алаирхәит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили. Ари иазгәаҭоуп Нато ваебдаҟьа ианылаз аинформациа аҿы.

“Аиԥылараҿ алшара ҳаман абри еиԥш иҭышәынтәалам ашықәсқәа рышьҭахь Қырҭтәылеи ҳареи ҳпартниорра ароль аҵаки ҳрыхцәажәеит, Урыстәыла амзызла европатәи ашәарҭадара архитектура ашьаҭа ашәарҭа анҭагылоу, Қырҭтәыла имҩаԥысуа ареформақәа ирызкәны ҳгәаанагарақәа реиҭныԥсыхлара ҳалшеит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Нато авебдаҟьа ианылаз адокумент аҿы ишану ала, Нато адгылаҩцәа Қырҭтәыла адгылара даҽазнык шьақәдырӷәӷәоит, ареформақәа рҵакы иахцәажәоит

„Алианс адгылаҩцәа Қырҭтәыла адгылара даҽазнык шьақәдырӷәӷәоит, ареформақәа рҵакы иахцәажәоит, урҭ иреиуп “атәымтә агентцәа ” ирызкә азакәан. Урҭ Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара  ҟарҵоит ареформақәа зегьы нагӡаны, азакәан аиҳаӡара хьчаны, ауаҩытәыҩса ашьаҭатәи изинқәа рыхьчарц, аҩнуҵҟатәи аполитикатә полиаризациа ихдыркшарц“, – иануп аҳәамҭа аҿы.