Имереҭи иаҭааит еицырдыруа апроект «Let’s GET LOST with WIZZAIR» алахәылацәа
Хымш рыҩныҵҟа адунеитә арыцхәтә АИХ Қәҭешьи Имереҭи арегиони иацклаҧшуеит.
Нанҳәа 26-28 рзы Имереҭи ирыдыркылоит еицырдыруа апроект «Let’s GET LOST with WIZZAIR» алахәылацәа.
Қырҭтәыла Иеиду аҳаирбаҕәазақәа адыррала, Британиа Дуи, Испаниеи, Австриеи рнеҩс, Қырҭтәыла раҧхьатәи тәылоуп зеиҧшҟамлац, зымҽхак дуу апроект ахьынарыгӡо.
Аконкурс аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рҟынтәи 200ҩык раҟара аблогерцәа, авиаеилахәырантә хәыҧсада абилетқәа роуит. Абу-Даби аҟынтәи иҧыррыз ачартертә реис Қәҭешь итәаанӡа, апроект алахәылацәа иахьцоз рыздырӡомызт.
«Зыӡбахәы ҳәоу апассаџьырцәа хымш Имереҭи иҟазаауеит. Дара арегион аҭыҧ ҷыдақәа зегьы рбоит», — ирҳәеит ақырҭуа еилахәыра Иеиду аҳаирбаҕәазақәа аҿы.
Аусбарҭа адыррала, ари апроект абзоурала, Абу-Даби аҟынтәи Қәҭешьҟа ареисқәа рхыҧхьаӡара ацлоит, атәыла иаҭаауеит зхашәала дуу атуристцәа рацәа.
Уажәазы Абу-Даби-Қәҭешь-Абу-Даби амаршрутла мчыбжьыкала ҧшьынтә ареисқәа иҧыруеит.