«Сгәы зсырхьыз ауаа зегьы иахьатәи амш инамаданы, иранасыжьуеит», — иануп Қырҭтәыла Апатриарх Илиа аҩбатәи иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы. Аҳәамҭа аланарҵәеит Қырҭтәыла Апатриархиа.
«Қьырса аҧсцәа рҟынтә дгылеит! Сгәы зсырхьыз ауаа зегьы иахьатәи амш инамаданы иранасыжьуеит. Саргьы аӡә дсыргәаазар, саҭаимҵааит. Анцәа шәихьчааит. Анцәа ҳаҭаимҵааит. Анцәа илҧха ҳагымзааит!»- иануп Илиа аҩбатәи иәҳамҭаҿы.