Илиа II – Ишәарҭоу аамҭа ҳҭагылоуп, аиадертә катастрофа ҟалар ауеит, убри аҟынтә, Анцәа иҳанеишьаз аҭынчра ҷыдала ҳазхәыцуеит
Ишәарҭоу аамҭа ҳҭагылоуп, аиадертә катастрофа ҟалар ауеит, убри аҟынтә, Анцәа иҳанеишьаз аҭынчра ҷыдала ҳазхәыцуеит, — иаҳәоуп Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II мшаҧытәи ибжьагажәаҿ.
Ашьҭымҭаҿ ишазгәаҭоу ала, «аҭынчратә аамҭа мацараз ауп ахатә зкызаареи Анцәа имчи аарҧшра аныҟало; аиҿагылареи, амчылареи, аиашамреи ахьыҟоу адунеиаҿ аҭынчра зыҟалом».
«Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа ҳтәыла аҕацәа ржәыларақәа ирҿагылан, еснагь аҭынчра иеиҷаҳауан. Иахьагьы иуадаҩӡоу аамҭа ҳҭагылоуп, уаҵәтәи аҭынчратә мчы ҳаиҷаҳароуп, аҿиареи ашәҭыкакаҷреи, ҳашьцәа – аҧсуааи ауаҧсааи ҭынч реицынхареи ҳазхәыцроуп», — азгәаҭоуп Апатриарх амшаҧытә ибжьагажәаҿ.