Илиа II акралҧҳәыс Елизавета II линтронизациа инаркны 70 шықәса аҵра лыдиныҳәалеит
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа II Британиа Дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳра акралҧҳәыс Елизавета II линтронизациа инаркны 70 шықәса аҵра лыдиныҳәалеит.
«Шәаҳаракыра, Қырҭтәыла Ауахәамеи хаҭала сареи ҳахьӡала гәыкала ишәыдысныҳәалоит шәинтронизациа инаркны 70 шықәса аҵра.
Иахьа шәара адунеи аҿы зегьы раасҭа зымҽхак дуу, зегьы раасҭа знырра дуу акралҧҳәыс шәоуп.
Шәоуранагӡара – иуадаҩу аамҭақәа раан шәтәыла зырҕәҕәаз, шәкралра аҭоурых аҿы хәы змам алагала ҟазҵаз аепоха дууп.
Анцәа сиҳәоит аҧсынҵра ду шәаҭәеишьарц, шәкралтә ҭаацәара ақәҿиара дуқәа рзеиҕьасшьоит», — иҳәеит Илиа II.