Илиа Дарчиашвили – Украинатәи апартниорцәа рҟынтә лассы-лассы иҳаҳауеит иузеилымкааша аилыркаарақәа, урҭ ҳтәыла аҩныҵҟа ҳоппонентцәа иҟарҵо аҳәамҭақәа иреиҧшуп
Илиа Дарчиашвили – Украинатәи апартниорцәа рҟынтә лассы-лассы иҳаҳауеит иузеилымкааша аилыркаарақәа, урҭ ҳтәыла аҩныҵҟа ҳоппонентцәа иҟарҵо аҳәамҭақәа иреиҧшуп

«Абри аконтекст аҿы Қырҭтәыла азгәаҭара ииашамзар ҟалап,  украинатәи апартниорцәа рҟынтә лассы-лассы иҳаҳауеит иузеилымкааша аилыркаарақәа, урҭ ҳтәыла аҩныҵҟа ҳоппонентцәа иҟарҵо аҳәамҭақәа иреиҧшуп», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Владимир Зеленски иҳәамҭа данахцәажәоз.

Аминистр иҳәамҭала, Қырҭтәыла Украина иадгылоит.

«Ишаҧу еиҧш, Украина иадҳәаланы ҳхатә позициа ҳамоуп. Иузеилымкааша аҳәамҭақәа аҭак раҳҭом, избанзар, ари атәылаҿ аибашьра шымҩаҧысуа еилаҳкаауеит. Ҳара, иҳалшо ала, украинаа ҳрыдгылоит.  Адискуссиаангьы аартра ацеремониаҿгьы Қырҭтәыла атема актуалтә ҵакы аман. Лидерцәақәак Қырҭтәыла иахцәажәеит, ҳтәыла иадгылеит. Иахьа ҳколлегацәа Қырҭтәыла аҧеиҧши евроинтеграциеи ирызкы ҳрацәажәаратәы алшара ҳаман, уи даараӡа ибзиоуп», — иҳәеит  Дарчиашвили.

Молдова имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә еидгыла аҩбатәи асаммит аартра ацеремониаҿ Украина ахада Владимир Зеленски иҳәеит: «Беларуси Қырҭтәылеи имҩаҧысуа ахҭысқәа аабоит,  абарҭ аҩ-тәылак еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла аилаҩынтәранӡа ишнарго аабоит, аха, дара ирбои? Украина Евроеидгылеи НАТОи рахь алаларазы аконкреттә иҵоуроу аҭак шамоуз рбоит».