Илиа Дарчиашвили Герт Иан Копман диҧылеит
Илиа Дарчиашвили Герт Иан Копман диҧылеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Агәылареи арҭбааразы аиҿцәажәарақәеи рызҵаарақәа рзы Еврокомиссиа директор хада Герт Иан Копман диҧылеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура аинформациала, аиԥылараҿ Евроеидгыла ашҟа Қырҭтәыла аинтеграциа апроцесси иахьатәи амш аусхәаԥштәи рыхцәажәеит.

„Аганқәа рыхцәажәеит Қырҭтәыла анапхгара Евроеидгыла алаларазы ихымԥадоу ареформақәа рымҩаԥгара ахырхарҭала иҟанаҵаз ашьаҿақәа, 2023 шықәса абҵара 8 рзы  Еврокомиссиа иҭнажьыз акоммиунике аҿы иаарԥшу ашьаҭатәи шьаҿақәа рынагӡара агаанахьала иҟоу аҭагылазаашьа, иазгәаҭан Қырҭтәыла Евроеидгыла лалара аперспектива аҵак ду“, –иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.