Илиа Дарчиашвили Швеицариа Амилаҭтә хеилак ахада Мартин Кандинас диҧылеит

17:48, 19.06.2023

Швеицариа иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Илиа Дарчиашвили  атәыла Амилаҭтә хеилак ахада Мартин Кандинас диҧылеит. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адыррала, аминистр иазгәеиҭеит ари авизит лабҿаба ишаанарҧшуа атәылақәа ҩ-ганктәии, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа рҿы реизыҟазаашьақәа шыбзиоу.

Илиа Дарчиашвили Амилаҭтә хеилак ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. Аганқәа рхаҭарнакцәа  ҩ-тәылак рзакәанҧҵаратә органқәа рыбжьара аусеицура арҭбаара иалацәажәеит.

Иара убас, ҷыдала иазааҭгылеит арегион аҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьа цәгьеи, Украина имҩаҧысуа аибашьреи, жәларбжьаратәи ауаажәларрантә адгылара аҵаки.

 

 

 

 

Еиԥшу